Testi

Аҵх агәеисыбжьы уаҳар
Иааигәахоит уи абар
Ушьҭнахуеит иҳаракны
Ари ашәа хаа абжьы
Амра ҭынч наҟ инаскьеит
Амшын иагәылалан ицеит
Иаҳзыннажьит ари аҵх
Иаашаанӡа ҳкәашаларц
Амза аҵаҟа
Ҳкәашалоит уаха
Аҵх иалаӡоит ҳабжьқәа
Ари амза аҵаҟа
Исызбом са сызхара
Еҵәала ирыԥху аԥшӡара
Аԥша ҟәанда сгәы арԥхоит
Сшьаҿақәа еиҳа иласхоит
Ацәқәырԥақәа рыбжьы хааӡа
Аҟәара ианҟьоит еисуа
Иҳацыхәмаруеит ари аҵх
Ишаанӡа ҳкәашаларц
Амза аҵаҟа
Ҳкәашалоит уаха
Аҵх иалаӡоит ҳабжьқәа
Ари амза аҵаҟа
Амза аҵаҟа
Амза аҵаҟа
Written by: Анри Гумба
instagramSharePathic_arrow_out