Credits
PERFORMING ARTISTS
Хибла Мукба
Performer
COMPOSITION & LYRICS
Тимур Агрба
Songwriter
Мушни Ласурия
Songwriter
Lyrics
Уеибамган, уҭымҟьан, ақәылаҩ ихҿа,
Иануп ажәытәтәи ҳбираҟ амаҿа:
Иеизыразызааит ауаа рнапқәа!
Иеизыразызааит ауаа рыгәқәа!
Згәашәаҿ иаҳԥыло – ҳгәашә узаркым
Абар, ҳа ҳнапаҵа – абџьар акым!
Абар, ҳара ҳамчра, ҳаразра абар!
Гәыкала иаҳзыҟоу иуԥаҳгылом ар!..
Ҳтәыла абираҟқәа – ҳанацәа ирсыз!
Ргарашәа иациз! Рнапы разқәа зхьысыз! –
Ҳтәыла абираҟқәа – азгәышьуамызт ахҿа –
Ҩ-сахьак рнын урҭ:
Амра, Амаҿа!
Ахьӡ-аԥша шәымазааит ҳбираҟқәа ԥхьа изгоз,
Аԥшқа икыкахш ицәмырӡкәа дзыхьчоз!
Шәынаур ԥшьақәа ҳацуп ҳара,
Иақәым ишәзыркыз ахаҵа-шәа ԥсра!
Бныҳәазааит Ан, афырхацәа зыхшаз,
Быԥсадгьыл аҵеицәа рыла блашаз!
Абиԥарақәа шәымца мыцәо ирзакуп,
Ҳтәыла наӡаӡа шәныҳәаҿа акуп!
Хашҭра шәықәымзааит ҳбираҟқәа ԥхьа изгоз!
Ҳаԥсадгьыл аҳәаақәа –
Мырӡуа изыхьчоз!
Шәымра-шәфырхаҵароуп ҳара иаҳзыԥхо,
Шьыжь шәаԥшь бахәаԥшь анаҿаԥхо!
Ҳтәыла абираҟқәа – ҳанацәа ирсыз!
Ргарашәа иациз! Рнапы разқәа зхьысыз! –
Ҳтәыла абираҟқәа – азгәышьуамызт ахҿа –
Ҩ-сахьак рнын урҭ:
Амра, Амаҿа!
Written by: Мушни Ласурия, Тимур Агрба